Ажәабжь ҿыцқәа

20 September 2024 46 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит ааҳәынҭқарратә ныҳәа – Аахыҵ Уаԥстәыла Амш азы
2024 шықәса цәыббра 19 азы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр еиҿнакааз астол гьыжь «Аԥсны ишәарҭадоуи иҭышәынтәалоуи аҿиара аԥеиԥшқәа рыԥшаараҿы» аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатә факторқәа» атемала иқәгылара
19 September 2024 99
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа раԥхьа иргыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз, ауадаҩрақәа зхызгаз, Қырҭтәыла ихнартыз аибашьра иалҵыз аиашьаратә жәларқәа реизыҟазаашьоуп. Ақырҭуа агрессор Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа дыриааирц иҽшазишәазгьы дара ирылшеит уи ииааира.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Мексикатәи еиду аштатқәа Рыцҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Мексика ахьыԥшымра Амш 214-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә концерт.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Малаизиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала ихы алаирхәит Малаизиа ахьыԥшымра 67-шықәса ахыҵреи Малаизиа Амш 61-шықәса ахыҵреи рзы еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес Боске инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара Амш аҽны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара далахәын.
17 September 2024 85
Цәыббра 17 2024 шықәсазы иҵуеит 16 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭоит Қырҭтәыла Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла амчрақәа жьҭаара 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟны риааира ашьҭахь 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы амчқәа шырыԥшаауа.
16 September 2024 45 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра Амш инамаданы Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адныҳәалара азынанашьҭит
13 September 2024 80 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Стециуки, Аԥсны иҟоу ПМР Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи, ПМР АдәАР аҳәаанырцәтә усбарҭақәеи афинансқәеи русура Анапхгараҭара аиҳабы Ирина Мочановеи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: